Иракли Ҕарибашвили - Акыр иаҧсоу сколлега, Абдула Арипов даҽазнык изышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҳтәылақәа рыешьаратәи реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа иҳаракны рыхә сысшьо, ҳаизыҟазаашьақәа еиҧҟьарада аҿиара иаҿуп, Узбекистан аҧыза-министр иахьатәи ивизитгьы уи шьақәнарҕәҕәоит
Иракли Ҕарибашвили - Акыр иаҧсоу сколлега, Абдула Арипов даҽазнык изышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҳтәылақәа рыешьаратәи реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа иҳаракны рыхә сысшьо, ҳаизыҟазаашьақәа еиҧҟьарада аҿиара иаҿуп, Узбекистан аҧыза-министр иахьатәи ивизитгьы уи шьақәнарҕәҕәоит

Акыр иаҧсоу сколлега, Абдула Арипов даҽазнык изышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҳтәылақәа рыешьаратәи реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа иҳаракны рыхә сысшьо, ҳаизыҟазаашьақәа еиҧҟьарада аҿиара иаҿуп, Узбекистан аҧыза-министр иахьатәи ивизитгьы уи шьақәнарҕәҕәоит,- иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдула Арипов даниҧылоз.

Аҧыза-министр аиҳабыреи ақырҭуа жәлари  рыхьӡала, Узбекистантәи ареспублика ахада Шавкат Мирзоев алхрақәа рҿы аиааира идныҳәаланы, Узбекистани аузбек жәлари ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

„Акыр иаҧсоу сколлега, Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр, ҳаҭыр зқәу Абдула Арипов салам исҭоит. Сколлега гәахәарыла Қарҭ дсыдыскылоит.

Сара Узбекистантәи ареспубликаҿы қәҿиарала авизит мҩаҧысзгеит. Ибзианы исгәалашәоит сколлега гәыкала сышидикылаз, Қырҭтәыла ивизит даараӡа сеигәырҕьеит.

Акыр иаҧсоу сколлега, Абдула Арипов даҽазнык изышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҳтәылақәа рыешьаратәи реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа иҳаракны рыхә сысшьо.

Ҳаизыҟазаашьақәа еиҧҟьарада аҿиара иаҿуп, Узбекситан аҧыза-министр иахьатәи ивизитгьы уи шьақәнарҕәҕәоит.

Иара убас, иахьа исымоу алшара схы иархәаны, ҳаиҳабыреи ақырҭуа жәлари ҳахьӡала,  Узбекистантәи ареспублика ахада шавкат Мирзоев алхрақәа рҿы аиааира идныҳәаланы, Узбекистани аузбек жәлари ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьар сҭахуп.

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, ҳаизыҟазаашьақәа ахырхарҭақәа зегьы рыла аҿиара иаҿуп; иахьа имҩаҧысуа инарҭбаау аиҧылараҿы ари азҵаара ҳалацәажәоит, иахьа ҳара зҵакы дуу амеморандум ҳнапы аҵааҩуеит – Узбекистантәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура аҿиара иазку азеиҧш практикатә уснагӡатәқәа рынагӡара аплан, амҩатә хсаала“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура адыррала, ишиашо аиҧылараҿы, ҩ-тәылак рыбжьара ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәеи, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицуреи иалацәажәеит.  Иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара аполитикатә диалог аҩаӡара ҳараки иҳаракӡоу аҩаӡараҟны авизитқәа рганахьала иҟоу адинамика бзиеи.

«Аиҧылараҿы аҧыза-министрцәа Қырҭтәыла атранзиттә потенциали,  «Абжьаратә корридор» аҿиара аҵаки,  жәларбжьаратәи аформатаҿ уи ахархәареи иалацәажәеит», — иануп аиҳабыра рпресс-маҵзура аинформациаҿы.