Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР  27-тәи аконференциа адунеитә лидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит 
 Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР  27-тәи аконференциа адунеитә лидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит 

 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР  27-тәи аконференциа адунеитә лидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит, асаммит мҩаҧысуеит Египеттәи ареспубликаҿы,   Шарм-Ель-Шеих.  

Епипетҟа идәықәлаз аиҳабыра рнапхгаҩы  аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи. 

Аҧыза-министр асаммит иалахәы адунеитә лидерцәа рҿаҧхьа дықәгылои, иара аклимат аҽаҧсахра иахылҵыз апроблемақәа рыӡбаразы иҟоу алшарақәа дрылацәажәоит.