Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧгаз адискуссиа ихы алаирхәит
Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧгаз адискуссиа ихы алаирхәит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 27-тәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧгаз адискуссиа – ,,Аенергетика аҧеиҧш ашҟа аинвестициа аҟаҵара” ихы алаирхәит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы адискуссиа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылан, иҭышәынтәалоу аенергиа ахыҵхырҭақәа рырҿиара аҵакы далацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, уажәазы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы аҵакы ду амоуп альтернативтә хыҵхырҭақәа – ицқьоу, зхархәара маншәалоу, иҭышәынтәалоу аенергиа ахыҵхырҭақәа рахь аинвестициа аҟаҵара.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аглобалтә енергетикатә ҭаххара азҳара иаҿуп, уажәазы иҟоу аенергетикатә кризис лабҿаба аанарҧшит аенергиа ахыҵхырҭақәа рдиверсификациа аҵакы ду шамоу.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла активла аус ауеит аенергетика асектор атрансформациеи ицқьоу, иҭышәынтәалоу енергетика аусхкы иаҳа ирацәаны аинвестициа алаҵареи ахырхарҭала, ари аганахьала имаҷымкәа крызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵоуп.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, атәылақәа зегьы, азеиҧш ҽазышәарала,  аҭоурыхтә аиҭакрақәа рымҩаҧгареи, аенергетикатә аҧеиҧш аиқәыршәареи, аглобалтә климат аҽаҧсахра апроцессаҿ аиҭакра бзиақәа рымҩаҧгареи рылшоит.