Иракли Ҕарибашвили – Акибершәарҭадара аҵакы ду амоуп аҳәынҭқарра ашәарҭадареи, иара убас, абизнеси ауаажәларреи рнормалтә усуреи азыҳәан
Иракли Ҕарибашвили – Акибершәарҭадара аҵакы ду амоуп аҳәынҭқарра ашәарҭадареи, иара убас, абизнеси ауаажәларреи рнормалтә усуреи азыҳәан

«Акибершәарҭадара аиқәыршәара аҵакы ду амоуп аҳәынҭқарра ашәарҭадареи, иара убас, абизнеси ауаажәларреи рнормалтә усуреи азыҳәан», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили акибершәарҭадара афорумаҿ данықәгылоз.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, иахьа Қырҭтәыла имҩаҧысуа акибершәарҭадара  аҩбатәи афорум алагала ду ҟанаҵоит акибершәарҭадара азҵаарақәа аганрацәала рылацәажәараҿы.

«Акибершәарҭадара Қырҭтәыла амилаҭтә шәарҭадара ахадаратә хырхарҭақәа иреиуп.  Атәыла аиҳабыра ари ахырхарҭала акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟарҵоит, ҳара абарҭ азҵаарақәа рзы ҳпартниорцәеи ҳдонорцәеи активла аус рыцаауеит.

Атәыла акибершәарҭадара арҕәҕәара ахырхарҭала ҳстратегиатә партниорцәа Америкеи, Британиа Дуи, Евроеидгылеи НАТОи ирылоу егьырҭ ҳпартниорцәеи  активла аус рыцаауеит.  Иара убас, ҳтәылаҿы, акибершәарҭадара аусхкы аҿы, аҵараҭҵааратә хырхарҭа активла аҿиара иаҿуп», — иҳәеит аҧыза-министр.