Иракли Ҕарибашвили аилахәыра  Stena Line анагӡаратә директор диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили аилахәыра  Stena Line анагӡаратә директор диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  швециатәи аидарамҩангаратә еилахәыра  Stena Line анагӡаратә директор Никлас Мартенсон диҧылеит. 

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, Иракли Ҕарибашвили Никлас Мартенсон изеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла еиқәыршәоу, иманшәалоу абизнеслагылазаара иазкны. Аиԥылараҿ ишазгәаҭаз ала, ахатә стратегиатә ҭыҧ абзоурала, Қырҭтәыла, Европеи, Каспиартәи арегиони, Ацентртә Азиеи, Китаии рыбжьара аимадара еиқәнаршәоит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, иакымкәа знырра дуу жәларбжьаратәи аналитикатә аиҿкаарақәа рреитингқәа рҿы аҧхьагылара амоуп. Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы  Stena Line анагӡаратә директор атәылаҿы еиқәыршәоу абизнеслагылазаара абарзы Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.