Иракли Ҕарибашвили – Аиҳабыра реилатәараҿы ҳара аофициалла ицәыраагоит  «Ахәаҧшыра  2030 – Қырҭтәыла аҿиара астратегиа»
Иракли Ҕарибашвили – Аиҳабыра реилатәараҿы ҳара аофициалла ицәыраагоит  «Ахәаҧшыра  2030 – Қырҭтәыла аҿиара астратегиа»

«Ҳара аофициалла ицәыраагоит  «Ахәаҧшыра  2030 – Қырҭтәыла аҿиара астратегиа», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу адокумент аҿы иарбоуп адемократиатә ҳәынҭқарра ҕәҕәа аргылара иадҳәаланы   ауааҧсыра ирымоу агәазыҳәара.

«Абри адокумент еиқәыршәоуп адемократиатә ҳәынҭқарра ҕәҕәа аргыларазы ҳажәлар ирымоу аҭаххара ашьаҭала. Ҳтәылаҿ иҭышәынтәалоу аексклиузивтә економикатә аҿиара еиқәыршәазароуп. Уи иаҳзеиҧшу ҳасабтәуп – асоциалтә еиҟарара, зхаҭабзиара ҳараку агәабзиарахьчара, аҵара, аекологиатә ганахьала ицқьоу аҧсабаратә лагылазаара, адемократиеи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи арҕәҕәара.  Абри зегьы адокумент аҿы иарбоуп.  Ҳара ҵыҧхгьы абарҭ адокументқәа еиқәыршәаны иҳаман, аха, убри анеҩс, адокумент цыҧхьаӡа аханатә ириашан, адыррақәа ирҿыцын, иахьа аҵыхәанӡа ириашоу адокумент шәыдаагалоит, аиҳбыра ари адокумент  шьақәдырҕәҕәоит, мышәқак рышьҭахь аргама ицәыраагоит», — иҳәеит Ҕарибашвили.