Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳпартниорцәа рыдгылара ҕәҕәала ҳара аҭынчратә иеиду Қырҭтәыла аргылареи евроатлантикатә ҳҽазышәарақәа рынагӡареи шҳалшо
Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳпартниорцәа рыдгылара ҕәҕәала ҳара аҭынчратә иеиду Қырҭтәыла аргылареи евроатлантикатә ҳҽазышәарақәа рынагӡареи шҳалшо

Қырҭтәыла Иеиду Америкатә Штатқәеи,  иара убас,  ҳаҭыр зқәу жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи  рывара игылоуп,  избанзар,  ҳара   ахадаратә нормақәеи апринципқәеи еицыҳахьчоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Америка Ахьыҧшымра амш инамаданы Америка ацҳаражәҳәарҭаҿ имҩаҧгаз адкылараҿы данықәгылоз.

Иара ишиҳәаз ала,  агәра ганы дыҟоуп  апартниорцәа рыцхыраарала,  аҭынчратә иеиду Қырҭтәыла аргылареи евроатлантикатә уаажәларрашҟа аинтеграциа иазку аҽазышәарақәа рынагӡареи шрылшо.

„Иахьа  абрахь аареи  шәареи америкауааи Америка ахьыҧшымра адекларациа адкылара шәыдныҳәалареи агәахәара ду сзаанагоит.  Аҭоурых зегьы иалагӡаны, шәтәыла, еснагь згәыдурала иныҟәнагон ахақәиҭреи адемократиеи  аҧшгәынҵәмца, убри ала адунеи зегьы азы иҿырҧшыган. Америка еснагь ауаҩытәыҩса  изинқәеи ихадаратә хақәиҭрақәеи ахьчон, аҿиареи апрогресси иацхраауан, азакәан аиҳаӡара иадгылон, убри ала адунеи аҭоурыхаҿ ахатә ашьаҭа ааннажьуан.

Қырҭтәыла, ақырҭуа жәлар, зхы ҳаҭыр ақәызҵо, ахақәиҭра бзиа избо амилаҭ аҳасабала,  ахақәиҭреи адемократиеи абри аҩызаҵәҟьа апринципқәа ирызгәыкуп, абри ауп ҳаиҩызара ҕәҕәа шьаҭас иамоу.

Сара Америка анапхгара ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп  Қырҭтәыла ахыхьчаралшара аизырҳареи, ҳинституциатә алшарақәа рырҕәҕәареи, евроатлантикатә интеграциа иазку ҳҽазышәарақәеи рҿы иҟарҵаз хәы змам алагала азыҳәан.  Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны, Қырҭтәыла, еснагь, абри арегионаҿ Америказы зыгәрагоу апартниор ҕәҕәас иҟан.  Ақырҭуа аруаа, америкатә аруаа ирывагыланы,  адунеи еиуеиҧшым аҭыҧқәа  рҿы аглобалтә шәарҭадареи  жәларбжьаратәи аиҿкаареи рыхьчон.  Ақырҭуа жәлари сызхагыло аиҳабыреи ҳахьӡала, Америка аиҳабыра гәыкала ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Қырҭтәыла адемократиатә институтқәа рыргылареи ҳекономика арҕәҕәареи иахьацхрааз азыҳәан.  Америкеи Қырҭтәылеи ахәаахәҭреи акоммерциеи аусхкқәа рҿы аусеицура аганахьала макьана ахархәара змам апотенциал ду рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара ҳбизнес алшара ҿыцқәа азаартра ҳахыццакуеит, ҳтәылашҟагьы ҳтәылаҟынтәгьы акапитали атауари аиҭаҵра ҳадгылоит. Агәра ганы сыҟоуп ҳтәылақәа рыбжьара ишиашо авиареис абарҭ ахықәкқәа рынагӡара ишацхраауа, ҳажәларқәа иаҳа ишеизааигәанатәуа», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.

Иара Келли Дегнан  ҩ-тәылак рыбжьара апартниорра арҕәҕәаразы ҭабуп ҳәа лаҳәаны, наҟ-наҟтәи лусураҿы ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит.