Иракли Ҕарибашвили - „Аглобалтә агәашә афорум" ҳҽалархәра аҵак ду амоуп
Иракли Ҕарибашвили - „Аглобалтә агәашә афорум" ҳҽалархәра аҵак ду амоуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Бриуссель имҩаԥысуа „Аглобалтә агәашә афорум” Қырҭтәыла аҽалархәра аҵак ду амоуп. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысыз аусуратә панель  „Атранспорттә корридор” аҿы аҧыза−министр данықәгылоз, атәылаҿ инагӡаз апроект дуқәеи апрогресси дрыхцәажәеит.

„„Аглобалтә агәашә афорум” ҳҽалархәра аҵак ду амоуп. Афорум аҽалархәразы ааҧхьара сылҭеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен. Апрогресс ду ҳамоуп, санықәгылоз имҩаԥаагаз апроект дуқәа срыхцәжәеит. Ишыжәдыруа ала, абжьаратә коридор аинтерес зҵоу, альтернативатә мҩоуп аидарақәа риагаразы, иара убас атрнспорт, аенергетика. Арҭ ахырхарҭақәа аинтерес ду ала ҳрызныҟәоит”, -иҳәеит Иракли Ӷарибавшили.