Иракли Ҕарибашвили афранцыз енергоеилахәыра EDF авице-ахада дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили афранцыз енергоеилахәыра EDF авице-ахада дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили афранцыз енергоеилахәыра EDF авице-ахада, жәларбжьаратәи адиректор Беатрис Буфон дылҧылеит.  

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы  хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла еиқәыршәоу абизнеслагылазаара бзиа. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа аенергетика аусхкы аҿы атәыла апотенциал иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ари аганахьала Қырҭтәыла аҿиара активтә фаза иҭагылоуп. Аҧыза-министр аенергетика аусхкы арҿиара амзызла иҟарҵо  ашьаҿақәа дырзааҭгылеит. 

EDF ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, ари аилахәыра Қырҭтәыла зырҿыцра ҟало аенергиа аусхкы аинвестициақәа алаҵара иазыхиоуп, бжеиҳарала, аӡфымцатә станциақәа рыргылара ахырхарҭала, иара убас, дара аҧшатәи амратәи проектқәа ирызҿлымҳахеит.