Иракли Ҕарибашвили Афонтәи ашьха цқьа Ватопедтәи аберҭыҧ анапхгаҩы – архимандрит Ефрем диҧылеит 

16:45, 15.09.2023

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Афонтәи ашьха цқьа Ватопедтәи  аберҭыҧ анапхгаҩы  – архимандрит Ефрем диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәылеи Бырзентәылеи руахәамақәа реизыҟазаашьақәеи егьырҭ азҵаарақәеи ирылацәажәеит.

Архимандрит Ефрем аҧыза-министр Афонтәи ашьхаҟа днаиҧхьеит.

Афонтәи ашьха цқьа Ватопедтәи  аберҭыҧ анапхгаҩы аиҳабыра рнапхгаҩы даниҧылоз аделегациагьы ицын.

 

Еиԥшу