Иракли Ҕарибашвили, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ихы алаирхәоит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ихы алаирхәоит.
Аиҳабыра рнапхгаҩи авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании иахьа Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аартра рхы аладырхәит.
Миунухентәи Ашәарҭада 58-тәи аконференциа ааиртит аконференциа ахантәаҩы Вольфганг Ишингер.
Аконференциа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш, иара адунеи аҿы иҟоу акризис аан жәларбжьаратәи усеицура аҵакы далацәажәеит. Аглобалтә аҳасабтәқәа ирылацәажәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Аналина Бербоки.
Ашәарҭадара 58-тәи аконференциа Миунхен имҩаҧысуеит жәабран 20-нӡа. Жәларбжьаратәи ашәарҭадара азҵаарақәа рылацәажәара иазку адунеи идуӡӡоу афорум рхы аладырхәоит 450ҩык иреиҳаны аӡбарақәа здызкыло ачинҳаракҩцәеи аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи, дара жәларбжьаратәи ашәарҭадара аполитикаҿы зегьы реиҳа зҵакы дуу азҵаарақәа ирылацәажәоит.
Аконференциа аҽалархәразы Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ааҧхьа иҭеит Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ахантәаҩы Вольфганг Ишингер. Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр, аполитикатә гәыҧқәеи, иара убас, абизнесгәыҧқәеи рхаҭарнакцәеи, идуӡӡоу аилахәырақәа рнапхгаҩцҵәеи дырҧылоит.
Ари атәы аарыцҳаит аԥыза-министр ипресмаҵзура аҟынтә