Иракли Ҕарибашвили адәныҟатәи ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аҳәынҭқарратә министр - Ҭани бин Аҳмед Зеиуди диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили адәныҟатәи ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аҳәынҭқарратә министр - Ҭани бин Аҳмед Зеиуди диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили адәныҟатәи ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аҳәынҭқарратә министр – Ҭани бин Аҳмед Зеиуди диҧылеит. 

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит.  Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи рыбжьара аекономикатә усеицура наӡа иазку аиқәшаҳаҭра (“CEPA”) аҵакы. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи рыбжьара иаҳа иҕәҕәоу ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхраауеит. Ишазгәаҭаз ала, ари аиқәшаҳаҭра абзоурала, Қырҭтәыла, Иеиду Емиратқәа рҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә режим ахархәара алшоит, убри аҟынтә, Қырҭтәыла иацҵаны азаатит аахәаратә лшара ду змоу  10-миллионтәи аџьармыкьа. 

Иара убас, ишазгәаҭаза ала, Қырҭтәыла Персиатәи аӡыбжьахала атәылақәа рҟны апартниортәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иазҿлымҳауп. 

Аҧыза-министр Европеи Азиеи, иара убас, Ааигәатә Мрагылара атәылақәеи рыбжьара  аимадара ашьақәыргылара аус аҿы Қырҭтәыла инанагӡо зҵакы дуу ароль далацәажәеит. 

Аиҧылараҿы аекономика аусхкы аҿы аусеицурагьы иазааҭгылеит. Хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла еиқәыршәоу иманшәалоу аинвестициатә лагылазаара. Ишазгәаҭаз ала, 2023 шықәса 9 мза рыла, Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара  ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа 64%-ла иазҳан,  312.91 миллион адоллар иаҟарахеит. 

Аеқспорт азҳаит  60%-ла, уажәазы уи  35.69 миллион адоллар иаҟароуп, аимпорт азҳаит  65%-ла –  277.22 миллион адоллар. 

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла агеостратегиатә ҭыҧи аҭоурыхтә атранзиттә роли иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала,  уажәтәи агеополитикатә хҭысқәа рфонаҿ, Қырҭтәыла, Мрагылареи Мраҭашәареи еимыздо атәыла аҳасабала, иаҳа-иаҳа аҵакы аиуеит. 

Адәныҟатәи ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аҳәынҭқарратә министр Қырҭтәыла даҭааит  „Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум” аҽалархәразы.