Иракли Ҕарибашвили -  2023 шықәсазы Сагареџьо амуниципалитет, ишеибгоу, аӡыла еиқәыршәазаауеит
Иракли Ҕарибашвили -  2023 шықәсазы Сагареџьо амуниципалитет, ишеибгоу, аӡыла еиқәыршәазаауеит

2023 шықәсазы Сагареџьо амуниципалитети уи иаҵанакәа ақыҭақәеи  аӡыла еиқәыршәазаауеит, – иҳәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгаратә партиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә Сагареџьо ахада иҭыҧ азы акандидат Авҭандил Гуликашвили ажәлар данрыдигалоз.

Аҧыза-министр ажәлар ажәа риҭеит амуниципалитет аҿы аҧсабаратә газ апроблемагьы шырыӡбо азы.  Иара иажәақәа рыла, Сагареџьо амуниципалитет аҿы имаҷымкәа апроектқәа нарыгӡахьеит, аха, аӡрыжәтәи аҧсабаратә гази рыла аиқәыршәара аганахьала уажәгьы апроблемақәа иҟоуп.