Иракли Ҕарибашвили - 116 шықәса ҵит Қырҭтәыла аҭоурых аҿы атрагедиатә хҭысқәа иреиу  Илиа Ҷавҷаваӡе дыршьижьҭеи
Иракли Ҕарибашвили - 116 шықәса ҵит Қырҭтәыла аҭоурых аҿы атрагедиатә хҭысқәа иреиу Илиа Ҷавҷаваӡе дыршьижьҭеи

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Илиа Ҷавҷаваӡе ишьра амш инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

“Иахьа 116 шықәса ҵит Қырҭтәыла аҭоурых аҿы атрагедиатә хҭысқәа иреиу – Илиа Ҷавҷаваӡе дыршьижьҭеи.

Ари амш иажҳәаланы Важа-Ԥшавела дыҩуан – “Илиа ишьцәа ирылшар, Қырҭтәылагьы иршьуан” ҳәа.  Аҭоурых аҿы, шамахамзар, збиографиеи аԥсадгьыли еидҳәалоу уаҩԥсык уҧылом, ари ауаҩы  иҧсадгьыл азы зымҽхак дуу алагала ҟаиҵан. Илиа Ҷавҷаваӡе, акультура, аполитика, аекономика, ауаажәларратә ҧсҭазаара уҳәа, атәыла иахьагьы аҿиара излаҿу аусхкқәа зегьы рҿы ашьаҭа ҕәҕәа аанижьит.

Ҳуахәама абри алшамҭа дуӡӡа азхаҵаны, Илиа Ҷавҷаваӡе ацқьацәа дырхыҧхьаӡалан, ари ахҭыс амилаҭ-ахақәиҭтәратә ҵысра гәызҭаҵагас иазыҟалеит”, – иануп аиҳабыра рнапхгаҩы иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.