Қырҭтәылеи Ҭуркменистани реизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, азеиҧш проектқәеи, Қырҭтәылеи Ҭуркменистани ртранзиттә потенциали иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Ҭуркменистан ахада Сердар Бердимуҳамедови реиҧылараҿы.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Ҭуркменистан аҟны аполитикатәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа аҵакы ду ранаршьоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионалтә атранспорттә проектқәеи урҭ рырҭбаара алшареи иалацәажәеит. Қырҭтәыла аиҳабыра амҩа ҿыцқәеи аихамҩеи аргылара аҧара рацәа аларҵоит, амшынтә баҕәазақәа дырҭбаауеит, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иалсны Амшын еиқәашҟа ицо акорридор Ҭуркменистангьы иазыманшәалоуп.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, аенергетикатә сектор аҿы астратегиатә партниорреи уажәазы иҟоу аусеицура иаҳа арҭбаареи ишазыхиоу азгәарҭеит.