Иракли Бераиа дызхагыло апарламенттә делегациа НАТО Апарламенттә Ассамблеиа есышықәсатәи асессиа рхы аладырхәоит
НАТО Апарламенттә Ассамблеиаҿ иҟоу Қырҭтәыла еснагьтәи аделегациа абҵара 18-21 рзы Мадрид имҩаҧысуа НАТО Апарламенттә Ассамблеиа есышықәсатәи асессиа рхы аладырхәоит.
Ақырҭуа делегациа анапхгаҩы Иракли Бераиа ишиҳәаз ала, НАТО Апарламенттә Ассамблеиа крызҵазкәа жәларбжьартәи апарламенттә платформоуп, уи аҿы Алианс алахәылацәеи апартниорцәеи евроатлантикатә қәыҧшылара иадҳәалоу азҵарақәеи арегионалтәии аглобалтәии шәарҭадареи иалацәажәоит.
«Мадрид иакымкәа адокументқәа рыдыркылоит, Қырҭтәылагьы хшыҩзышьҭра азыруеит. Уи алагьы иубарҭоуп Қырҭтәыла азҵаара НАТО аусхәаҧштә ишалоу. Ҳара Қырҭтәыла ашәарҭадареи, урыстәылатәи ампыҵахалареи, агрессор иҟынтә иаауа еиуеиҧшым ашәарҭарақәеи, Урыстәыла ақәыҕәҕәара аизырҳареи, евроатлантикатә интеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла ақәҿиарақәеи, ҳтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәареи азы ҳрацәажәароуп», — иҳәеит Иракли Берая.