Иракли Бебуа хәажәкыра 30 рзы абахҭа дҭыҵуеит
Иракли Бебуа хәажәкыра 30 рзы абахҭа дҭыҵуеит

2020 шықәса цәыббра 30 рзы импыҵахалоу Аԥсны де-факто анапхгара иааныркыоаз Иракли Бебуа хәажәкыра 30 рзы абахҭа дҭыҵуеит.

Ари атәы аанацҳаит “Эхо Кавказа” де-факто АҩАР аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Иракли Бебуа 2020 шықәса цәыббра 30 рзы даанкылан. Иракли Бебуа х-хәҭаҷк рыҵакрала иус ӡбан: закәаншьаҭада абџьар аҵәахра; Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟи агерби рцәа аԥҽра; аҳәынҭқарратә мазара аԥхасҭатәра рзы.

Иракли Бебуа ҭакрыла жә-шықәса ихгара иқәырҵеит, иара убас 10 нызқьмааҭ ахараԥсеи.

Аԥсны АҩАР де-факто аминистр Роберт Киут иҟаиҵаз аҳәамҭала, Иракли Бебуа абахҭа ианаамҭо дҭыҵуеит.