Иракли Ӷарибашвилии Илҳам Алиеви ҭелла еицәажәеит
Иракли Ӷарибашвилии Илҳам Алиеви ҭелла еицәажәеит

Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев иадминистрациа Илҳам Алиеви Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии ҭелла реицәажәара иазку аинформациа аланарҵәеит.

Аинформациа аҿы ишану ала, Азербаиџьан ахада Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы имшира идиныҳәалеит.

“Аиҳабыра рнапхгаҩы Иракли Ӷарибашвили имшира идиныҳәалеит, ақәҿиарақәеи агәабзиареи изеиӷьаишьеит. Иракли Ӷарибашвили Азербаиџьан ахада адныҳәаларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит. Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви  Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Азербаиџьани Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы ақәҿиарақәа рыхцәажәан, арҭ еизыҟазаашьақәа наҟ-наҟгьы аҿиара шынарыгӡо шақәгәыӷуа иазгәарҭеит,” – иануп аинформациа аҿы.