Иракли Ӷарибашвили - Украина арратә цхыраара иазкны аҳәамҭа ҟаҳҵахьеит - ари ҳгәы иҭам, аҳәынҭқара аҳасаб ала ари аибашьра аҽалахәра ҳгәы иҭам
Иракли Ӷарибашвили - Украина арратә цхыраара иазкны аҳәамҭа ҟаҳҵахьеит - ари ҳгәы иҭам, аҳәынҭқара аҳасаб ала ари аибашьра аҽалахәра ҳгәы иҭам

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла Украина ицо аибашьра аҽалахәра агәы иҭам.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Украина арратә цхыраара иазкны анапхгара рпозициа ԥсаххом.

„Украина арратә цхыраара иазкны аҳәамҭа ҟаҳҵахьеит – ари ҳгәы иҭам, аҳәынҭқара аҳасаб ала ари аибашьра аҽалахәра ҳгәы иҭам. Ари ҳпозициоуп. Ҳара ҳажәлар рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ҳамоуп,” – иҳәеит Ӷарибашвили.

Аиҳбыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Украинатәи аԥошьта адыррақәа рыла, Украинахь агуманитатә цхыраара зышьҭыз 199 тәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла актәи аҭыԥ ааннакылон.

„Украинаҿ аибашьра ианалагаҵәҟьа ажәлари ауаажәларреи аиҳабыреи амчқәа еидкыланы 1000 тонна иреиҳаны агуманитартә аидара ҳышьҭит. Украинатәи аԥошьта адыррақәа рыла, Украинахь агуманитатә цхыраара зышьҭыз 199 тәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла актәи аҭыԥ ааннакылон. Уаанӡа украинатәи ахҵәацәа ацхыраара рхааҳарԥшит, ацхыраара уажәгьы наҳагӡоит. Украинатәи ахәыҷқәа ҳара ирзааҳартыз украинатәи ашколқәа ирҭоуп. Агуманитартә цхыраара наҳагӡоит”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.