Иракли Ӷарибашвили  - Шиндистәи ақәԥараҿ иҭахаз афырхацәа хамеигӡарада рықәԥара ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы еснагь иҿырԥшыгахоит, ҳабиԥара ҿыцқәа ари ахаан ирхашҭуам
Иракли Ӷарибашвили - Шиндистәи ақәԥараҿ иҭахаз афырхацәа хамеигӡарада рықәԥара ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы еснагь иҿырԥшыгахоит, ҳабиԥара ҿыцқәа ари ахаан ирхашҭуам

Шиндистәи ақәԥараҿ иҭахаз афырхацәа хамеигӡарада рықәԥара ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы еснагь иҿырԥшыгахоит, ҳабиԥара ҿыцқәа ари ахаан ирхашҭуам, – ари атәы асоциалтә каҭаҿы иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, иахьа Қырҭтәыла зегьы арҭ 17-ҩык ақырҭуа фырхацәа гәымшәақәа даҿазнык иргәаладыршәоит.

„Нанҳәатәи аибашьра аҭоурых аҿы зегь реиҳа иалукааша афырхаҵара ажәабжь, ахҭыс – Шиндистәи aқәҧaрa ҟaлеижьҭеи 14 шықәсa ҵит.

Иахьа Қырҭтәыла зегьы арҭ 17-ҩык ақырҭуа фырхацәа гәымшәақәа даҿазнык иргәаладыршәоит.

Аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз афырхацәа хамеигӡарада рықәԥара ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы еснагь иҿырԥшыгахоит, ҳабиԥара ҿыцқәа ари ахаан ирхашҭуам”, – иазгәеиҭеит Иракли Ӷарибашвили.