Иракли Ӷарибашвили Қувеиҭ аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц  - Ношреван Ломҭаҭиӡе диҧылеит
Иракли Ӷарибашвили Қувеиҭ аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц - Ношреван Ломҭаҭиӡе диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қувеиҭ аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ношреван Ломҭаҭиӡе диҧылеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аинформациала, аиҧылараҿы аҧыза-министр ацҳаражәҳәаҩ ҿыц амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Аиҧылараҿы  еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара аҵакы иалацәажәеит, ҷыдала  – ахәаахәҭреи аекономикеи ахырхарҭала.

“Ношреван Ломҭаҭиӡе 2021 шықәсазы ианашьан ззин наӡоу адеспан идипломатиатә ранг.  2021 шықәса рашәарамза инаркны  иахьанӡа, иара, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рдепартамент адиректорс  дыҟан. Ношреван Ломҭаҭиӡе Иуане Џьавахишьвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рфакультет далгеит. Амагистр иакадемиатә аҩаӡара ианашьан Колумбиатәи ауниверситет аҿы, аҳәынҭқарратә напхгараҭара азанааҭла”, – иануп Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аланарҵәаз аинформациа аҿы.