Иракли Ӷарибашвили - Мшаԥы 9 арыцҳара мшуп
Иракли Ӷарибашвили - Мшаԥы 9 арыцҳара мшуп

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили мшаԥы 9 инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

“Ақырҭуа цыԥхьаӡа мшаԥы 9 ҷыдалатәи анырра амоуп.

33 шықәса раԥхьа авторитартә режим арратә машьына ахьыԥшымра азықәԥоз ақырҭуа жәлар иаҿагылеит. 21-ҩык иалаӡыз арыцҳара адунеи зегь аҿы гәырҩа цәгьас ҟалеит.

Ари арыцҳара лыҵшәадамызт. Ари амш Қырҭтәыла аԥеиԥш мацара акәым, Асовет Еидгыла иалаз атәылақәа рԥеиԥшгьы ианырит.  Ҩышықәса рышьҭaхь, 1991 шықәсa мшaҧы 9 рзы, Иреиҳaӡоу aхеилaк Қырҭтәылa aҳәынҭқҟaррaтә хьыҧшымрa aиҭaшьaқәыргылaрa рылaрҳәеит.

Мшаԥы 9 арыцҳара мшуп, ҳара иахьа даҽазнык ҳпатриорцәа рыхьӡқәа иҳгәалаҳаршәоит», — иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҳәамҭа аҿы.