Иракли Ӷарибашвили Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа ихы алаирхәоит
Иракли Ӷарибашвили Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Қырҭтәыла аиҳабыратә делегцаиеи Германтәыла дәықәлеит, аԥыза-министр Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа ихы алаирхәоит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, Иракли Ӷарибашвили Миунхентәи 59-тәи ашәарҭадаратә конференциа аартратә асессиа ихы алаирхәоит. Апланқәа ирылоуп атематикатә апанельтә дискуссиаҿ ақәгылара.

Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Ӷарибашвили зыҩаӡара ҳараку ҩганкалатәи аиԥыларақәа ихы алаирхәои.

Аделегациа иалоуп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.