Иракли Ӷарибашвили Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада Си Ӡинпин диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада Си Ӡинпин диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада Си Ӡинпин диԥылеит.

Аиԥылара Сичуантәи апровинциа иаҵанакуа ақалақь Ченгду аҿы мҩаԥган.

Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада  Иракли Ӷарибашвили Аԥхынтәи адунеи ауниверситеттә хәмаррақәа раартра ацеремониахь дааиԥхьеит.

Аиԥылараҿ Иракли Ӷарибашвили Си Ӡинпин Китаитәи Жәлар Рреспубликеи Аԥхынтәи адунеи ауниверситеттә хәмаррақәа рахь ааԥхьаразы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Китаитәи Жәлар Рреспубликеи ирыбжьоу ҩганкалатәи аусеицура иаҳа арҭбаара аӡбара рыдыркылеит.

Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Китаитәи Жәлар Рреспубликеи Қыртәылеи ирыбжьоу шықәсырацәлатәи аиҩызареи аусеицуреи дрызгәдууп.

Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада ижәақәа рыла, Қырҭтәылеи Китаи астратегиатә партниорра рыбжьарҵоит, ари иабзоураны ҩганкалатәи аиҩызара аҩаӡара ҿыц ихь ииасуеит.