Иракли Ӷарибашвили Катар аԥыза-министр диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Катар аԥыза-министр диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Доҳа ҩганкалатәи аиԥыларақәа наигӡоит. Қырҭтәыла аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, Иракли Ӷарибашвили Катар аԥыза-министр шеих Моҳамед бин Џьасим Аль-Ҭани диԥылеит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аганқәа ирыхәаԥшит ҩганкалатәи аусеицура ашьаҭатәи ахырхарҭақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи. Иазгәаҭан аекономикатәи ахәаахәҭратәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи атәылақәа ирыбжьоу аусеицура апотенциал ду ахархәара аҵаки.