Иракли Ӷарибашвили Италиа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Италиа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Массимилиано Д’Антуоно диԥылеит.

Аибадырратә ҟазшьа змаз аиԥылараҿ аиҳабыра рнапхгаҩы адипломат Қырҭтәылаҿ ацҳаражәҳәаҩс иқәыргылара идныҳәаланы, иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла иҳаракны ахә ршьоит Италиа ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи азхаҵамра аполитика амҩаҧгареи.

Иракли Ӷарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит Италиа Қырҭтәылазы ихадоу партниор тәыла шакәу, атәылақәа азеиԥш европатәи хәынаӡарақәа шрымоу. Аиԥылараҿ иазааҭгылеит Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иазкыз аҭоурыхтә аӡбара аҵакы.