Иракли Ӷарибашвили - Иреиҳаӡоу азакәан азгәыкреи ахьчареи -  атәылауаҩратә акзаареи аҭынчреи, атәыла аҭышәынтәалареи,  ҧхьаҟаҵареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп
Иракли Ӷарибашвили - Иреиҳаӡоу азакәан азгәыкреи ахьчареи -  атәылауаҩратә акзаареи аҭынчреи, атәыла аҭышәынтәалареи,  ҧхьаҟаҵареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп

Қырҭтәыла аԥыза-министр Аконституциа амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажёақәа рыла, иреиҳаӡоу азакәан азгәыкреи ахьчареи –  атәылауаҩратә акзаареи аҭынчреи, атәыла аҭышәынтәалареи,  ҧхьаҟаҵареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп.

“Ишәыдысныҳәалоит Аконституциа амш! 1995 шықәса нанҳәа 24 рзы Қырҭтәыла апарламент аднакылеит атәыла иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә документ  – Қырҭтәыла Аконституциа. Ақырҭуа милаҭ иреиҳаӡоу ашәышықәсарацәалатә аҳәынҭқарратә традициақәа рышьаҭала еиқәыршәаз  Қырҭтәыла адемократиатә республика 1921 шықәсатәи Аконституциа  – усҟантәи аамҭазы зегьы раасҭа ипрогресивыз азинтә документын, уи ҳаамҭазтәи адемократиатә ҳәынҭқарра аҿиаразы ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵеит. Уи ауаажәларратә аиқәшаҳаҭра ахадаратә принципқәеи, ажәлар ирзеиҧшу ахықәкқәеи, аҽазышәарақәеи аанарҧшуеит; азакәан аиҳаӡареи, ауааҧсыра зегьы рзинқәеи рхақәиҭрақәеи шьақәнарҕәҕәоит; аполитикатәи, аекономикатәи, асоциалтәи ҧсҭазаара ахадаратә хырхарҭақәа ҳәаақәнаҵоит; Аконституциа  –   ақырҭуа жәлар рзы ашьаҭа хадоуп европатәи аҳәынҭқарра аргылара апроцесс аҿы. Иреиҳаӡоу азакәан азгәыкреи ахьчареи –  атәылауаҩратә акзаареи аҭынчреи, атәыла аҭышәынтәалареи,  ҧхьаҟаҵареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп”, – иануп аԥыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.