Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономикатә хеилак аилатәара мҩаԥысит
Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономикатә хеилак аилатәара мҩаԥысит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономикатә хеилак аилатәара мҩаԥысит.

Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аилатәараҿ атәылаҿ иҟоу аекономикатә тенденциақәа ирыхәаԥшын, ари ахырхарҭала иҟоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит

Аилатәараҿ ирыхәаԥшит акурорттә ҭыԥқәа рыҭҵаареи иҟоу акурортқәа рырҿиареи. Иазгәаҭан атәыла аекономикатә маншәалареи ашьақәгылареи рзы жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара шызҳатәу, ари азы акурортқәа рырҿиара шалагатәу.

Ҷыдала иазааҭгылеит абалнеологиатә курортқәеи хазхаҭалатәи аинвестициақәеи рызҵаара.

Адырра аланарҵәеит Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура.