Иракли Ӷарибашвили - Ҳполитика ишьақәҳарӷәӷәоит егьырҭ атәылақәа рсуверенитет пату шақәаҳҵо , аха ҳтәыла зегь реиҳа бзиа иаҳбоит
Иракли Ӷарибашвили - Ҳполитика ишьақәҳарӷәӷәоит егьырҭ атәылақәа рсуверенитет пату шақәаҳҵо , аха ҳтәыла зегь реиҳа бзиа иаҳбоит

Изныкымкәа сҳәахьеит, ари ҳполитикеи ҳхымҩаԥгашьеи рыла шьақәҳарӷәӷәеит егьырҭ атәылақәа рсуверенитет пату шақәаҳҵо, аха ҳтәыла зегь реиҳа бзиа шаҳбо,  – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа рконференциаҿ данықәгылоз.

„Украина анапхгара иҟарҵаз аҳәамҭақәа сгәы ииахәеит ҳәа сызҳәом, ртәыла, реиҳабыра рыжәлар еибашьуеит, убри аҟынтә ари атема иадҳәаланы  иаҭәашьам аҳәамҭақәа рыҟаҵара сҭахым. Ҳара хықәкы хадас иҳамоуп ҳмилаҭтә интересқәа рыхьчара.  Изныкымкәа сҳәахьеит, ари ҳполитикеи ҳхымҩаԥгашьеи рыла шьақәҳарӷәӷәеит егьырҭ атәылақәа рсуверенитет пату шақәаҳҵо, аха ҳтәыла зегь реиҳа бзиа шаҳбо. Ҳара ҳтәыла аинтересқәа рыхьчара иҳуалуп. Ари аус аҿы ацҳаражәҳәаҩцәа рус аҵак ҷыда амоуп“, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.