Иракли Ӷарибашвили - Ҳаиҳабыра хәаԥшышьас амоу аџьармыкьатә економикеи адемократиатә институтқәа ридеиа адгыло иӷәӷәоу Қырҭтәыла аргылара ауп
Иракли Ӷарибашвили - Ҳаиҳабыра хәаԥшышьас амоу аџьармыкьатә економикеи адемократиатә институтқәа ридеиа адгыло иӷәӷәоу Қырҭтәыла аргылара ауп

Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аиновациақәеи аԥхьагылареи рконтекст аҿы еснагь актәи аҭыԥ ааныркылоит, ари асаммит аглобалтә аусеицура ахырхарҭала адгылара ду аанарԥшуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Дубаи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы имҩаҧысуа адунеи аиҳабырақәа рсаммит аҿы данықәгылоз.

“Сынтәатәи асаммит аҿы тема хадас иқәгылоуп наҟ-наҟтәи аиҳабырақәа реиҿкаара, актуалра ду рымоуп атехнологиатәи, асоциалтәи, аекономикатәи ақәҿиарақәа аера ҿыц ахаан. Иахьатәи аизараҿ шәҿаԥхьа ахьсықәгыло, алшара соуеит еиӷьу аԥеиԥш аԥҵаразы. Ҳаиҳабыра хәаԥшышьас амоу аџьармыкьатә економикеи адемократиатә институтқәа ридеиа адгыло иӷәӷәоу Қырҭтәыла аргылара ауп.

Ишьақәгылаз агеополитикатә ҭагылазаашьеи аглобалтә економикатә алшарақәа рырмаҷра иахәамԥшыкәа, аус адаҳулаз иеффекту ҳаполитика ииашоу аӡбарақәа рыдкылараз алшара ҳанаҭоит. Ҳаиҳабыраамоу иӷәӷәоу аекономикатә политика иабзоураны, иҳараку аекономикатә тенденциақәа ҳаман 2022 шықәсазы. 10.5%-тәи аекономикатә азҳара ашьҭахь, 2022 шықәсазы аекономикатә азҳара 10.1% иаҟаран.  IMF апрогнозқәа рыла, 2023-2027 шш. рзы Қырҭтәыла арегион аҟны зегь реиҳа идуу аекономикатә азҳара амазауеит, ари шықәсык азы 5% иаҟарахоит,” – иҳәеит Ӷарибашвили.