Иракли Ӷарибашвили Emaar Properties ашьаҭаркҩы, анапхгаратә директор диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Emaar Properties ашьаҭаркҩы, анапхгаратә директор диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Emaar Properties ашьаҭаркҩы, анапхгаратә директор Моҳамед Али Рашед Алабар диԥылеит.

Аиҳабыра ардминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылараҿ еиуеиԥшым ахырхарҭақә рыла апроектқәа ырнагӡара иахцәажәеит.

Иконкрету апроектқәа рыҭҵааразы, аилахәыра ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла аҩбатәи авизитла иаҭааит.

Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз, Қырҭтәыла аиҳабыра Emaar Properties аинвестициақәа ралаҵара ахьаҭаху адгылоит.

Emaar Properties аиҭамҵмал аӡиара амилаҭрацәа аилахәыроуп, уи Иеидҵоу Араԥтәи Аемиратқәа рҿы ишьаҭаркын. Аилахәыра активқәа 30 миллиард ираҟароуп.

Аиԥылара рхы аладырхәит вице-аԥыза, Аекономикеи иҭышәынтәылоу аҿиареи рминистр Леван Давиҭашвилии Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡеи.