Иракли Ӷарибашвили Даун исиндром жәларбжьаратәи амш инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит
Иракли Ӷарибашвили Даун исиндром жәларбжьаратәи амш инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Иахьа, адунеи зегьы Даун исиндром жәларбжьаратәи амш азгәанаҭоит.

Иахьа ацивилизациа змоу адунеи даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит ауаҩы цыԥхьаӡа  аԥсҭазаареи аҿареи, еиҟароу адунеи аҿы аԥсҭазаара изин шимоу.

Қырҭтәыла аиҳабыра даҽазнык иазгәанаҭоит аҳәынҭқарра аконституциатә ҭакԥхықәра шамоу зылшарақәа ԥкәу ауаа рзинқәа рыхьчара аганахьала.

Ҳаиҳабыра агәабзиарахьчареи, аҵареи, асоциалтә аиқәыршәареи, аусурҭала аиқәыршәареи аусхкқәа рҿы крызҵазкәа ашьаҿақәа ҟарҵеит Даун исиндром змоу ҳтәылауаа ринтеграциа наӡеи рылшарақәа рхархәара рылшаратәы аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәареи азыҳәан, дара активла иалахәып рмышхәыбзазара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аӡбрқәа рыдкылара апроцесс аҿы”, – иануп Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳамҭа аҿы.