Иракли Ӷарибашвили аусуратә визитла Китаиҟа ддәықәлоит

11:31, 25.07.2023

Ԥхынгәы 26 рзы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии аиҳабыратә делегациеи аусуратә визитла Китатәи жәлар рреспубликахь ддәықәлеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Ченгду имҩаԥысуа FISU 31-тәи аԥхынтәи адунеи ауниверситеттә ахәмаррақәа раартра ацеремониа ихы алаирхәоит.

Адунеи ауниверситеттә хәмаррақәа рхы аладырхәоит 50-ҩык ақырҭуа студентцәа. FISU 31-тәи аԥхынтәи адунеи ауниверситеттә ахәмаррақәа раартра ацеремониа ашьҭахь, аԥыза-министр Пекин ддәықәлоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Пекини Ченгдуи рҿы зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Аинформациа аланарҵәеит аԥыза-министр ипрессмаҵзура.

Еиԥшу