Иракли Ӷарибашвили - Арҭ амчыбжьқәа рзы ҭырқәтәылатәи ахәышәқәа аԥҭекақәа рахь инаргоит
Иракли Ӷарибашвили - Арҭ амчыбжьқәа рзы ҭырқәтәылатәи ахәышәқәа аԥҭекақәа рахь инаргоит

Ахәышәқәа рыхә цәгьамзароуп, ари иашьашәалоу ақәҿыҭра аман, алҵшәа имаианы ҳаԥшааит, арҭ амчыбжьқәа рзы ҭырқәтәылатәи ахәышәқә аԥҭекақәа рахь инаргоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ижәақәа рыла, хәажәкыра инаркны иалагоит аелектронтә рецептқәа рсистема.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, афармацевтикатә аилахәылақәеи аимпортиорцәеи Ҭырқәтәылантә зхаҭабзиара ҳаракәу, аха зыхә мариоу амедикаментқәа раиура активла аус адырулоит.

“Уаанӡа ахәышәқә римпорт азы алицензиа аиуразы 45 мш аҭахын, ари аҿҳәара 7-мш рҟынӡа ԥсаххеит, аџьармыкьа еиуеиԥшым аимпортиорцәа рзааҳартыр ҳҭахуп,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.