Иракли Ӷарибашвили – Апандемиаан аԥхасҭа зауз ааглыхырҭақәа Қырҭтәыла Адунеитә банк аҟынтә 85 миллион евро иаҟароу ацхыраара аиуеит
Адунеитә банки ҳареи иахьа еиқәшаҳаҭра анапы аҵааҩит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны апандемиаан аԥхасҭа зауз ааглыхырҭақәа ацхыраара рзааҳарԥшуеит, – иҳәеит иахьатәи Аиҳабыра реилатәара аҿы Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.
Ӷарибашвили иажәақәа рыла, апроект ала иазыԥхьагәаҭоуп ашәахтәқәа иласу аиновациатә система аԥҵара.
«Апроект ахылаԥшразы адҵа аиуит Аекономика аминистрра иаҵанакуа «Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ». Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рырҿиара ҳтәыла азы аҵак ду амоуп, ҳприоритетқәа ируакуп,» – иҳәеит Ӷарибашвили.