Иракли Ӷарибашвили - Афганистани, Ираки  ҳаибашьуан, аха акандидат статус СНГ иалахәу атәыла ианашьан
Иракли Ӷарибашвили - Афганистани, Ираки ҳаибашьуан, аха акандидат статус СНГ иалахәу атәыла ианашьан

Братислава иҟасҵаз сҳәамҭа уҳәан-сҳәан рацәаны ахылҵит. Уи даҽазнык ҟасҵар сҭахуп, ари аибашьра ду мзызқәак иреиуп Украина Нато алалара ахьаҭахыз. Урыстәыла анапхгара рхаҭарнакцәа рҳәамҭақәа раагара сҭахымызт, избан акәзар аибашьра алагара амзыз иарбану ҳәа азҵаара сырҭеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен лхаҭа лҳәахьеит аибашьра Украина Нато алалара ахьаҭаху иалагеит ҳәа, аха ари азы лкритика аӡәгьы ҟаимҵаӡеит.

Иракли Ӷарибашвили  ишазгәеиҭаз, Афганистани, Ираки рҿы ақырҭуа аруаа еибашьуан, аха акандидат статус СНГ иалоу атәыла анашьан

„Афганистани, Ираки рҿы ҳаибашьуан, аха ҵыԥх акандидат статус ҳанашьара иазхәыцын,  акандидат статус СНГ иалоу атәыла анашьан. Ари азы иҭакԥхықәрадоу ҳполитикцәа акгьы рымҳәаӡеит“, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.