Иракли Ӷарибашвили - Аҵарадырреи, атехнологиақәеи аиновациақәеи рахь аинвестициақәа ралаҵара иҭышәынтәылоу аекономикатәи асоциалтәи процессқәа рзы ихымԥадоуп
Иракли Ӷарибашвили - Аҵарадырреи, атехнологиақәеи аиновациақәеи рахь аинвестициақәа ралаҵара иҭышәынтәылоу аекономикатәи асоциалтәи процессқәа рзы ихымԥадоуп

Қырҭтәыла аиҳабыра агәаанагарала, аинклиузивтә, аиҟараратә зхаҭабзиара ҳараку аҵара ауаҩытәыҩса ашьаҭатәи зинуп,  – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ЕАР ассамблеиа хада 77-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҵара аиҭакра асаммит аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аҵарадырреи, атехнологиақәеи аиновациақәеи рахь аинвестициақәа ралаҵара иҭышәынтәылоу аекономикатәи асоциалтәи процессқәа рзы ихымԥадоуп.

“Ҳаҭыр зқәу амаӡаныҟәгаҩ хада, ҳаҭыр зқәу аколлегацәа, аҩызцәа. Аҵара аиҭакра асаммит аҿы ақәгылара алшара ахьсымоу сара зхы апату дууп. Қырҭтәыла аиҳабыра агәаанагарала, аинклиузивтә, аиҟараратә зхаҭабзиара ҳараку аҵара ауаҩытәыҩса ашьаҭатәи зинуп. Убри аҟынтә аҵара астратегиатә приоритет хадас ҳаԥхьаӡоит”,  – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.