Иракли Ӷарибашвили - 2022 шықәса ажьырныҳәа инаркны аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рулафахәы иацҵахоит
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәа инаркны аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рулафахәы иацҵахоит. Иара убас ақалақьқәа рхадацәа рулафахәы ҩынтә иазҳауеит.
Ари атәы Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ааицҳаит иахьа имҩаԥысыз Аиҳабыра реилатәара аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҟаиҵаз аҳәамҭала, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа аулафахәы анырзацырҵо, рмотивациагьы иазҳауеит.