Иракли Ӷарибашвили - Ԥхынҷкәын азы Европа аҟынтә акандидат статус иазку иҳақәнагоу, астратегиатә, аполитикатә аӡбара иаша ҳазыԥшуп
Иракли Ӷарибашвили - Ԥхынҷкәын азы Европа аҟынтә акандидат статус иазку иҳақәнагоу, астратегиатә, аполитикатә аӡбара иаша ҳазыԥшуп

Сынтәа Ԥхынҷкәын азы Европа аҟынтә акандидат статус иазку иҳақәнагоу, астратегиатә, аполитикатә аӡбара иаша ҳазыԥшуп, – иҳәеит  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Хорватиа аԥыза-министр Андреи Пленковичи иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәарыла, ари атәыла имҩаԥнагаз ареформақәеи апозитивтә трансформациеи рызхаҵарахоит, ари аҭоурыхтә аӡабарахоит.

“Аидеалтә хақәиҭра иалҵшәаны Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара аҭахын, ари амилаҭтә хықәкы иаҳа-иаҳа ҳазааигәахоит.

Авизалиберализациа, Евроеидгылаҟны ассоциира иазку аиқәшаҳаҭра, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра, ҳаиҳабыра аусураҟны иаанырԥшыз ахамеигӡара иабзоураны иҳауит. Ҵыԥх  Европа ахеилак – Евроеидгыла алидерцәа –  Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иазкыз аӡбара рыдыркылеит, Евроеидгылахь ҳамҩаҿ апрецедент змамыз агәалаҟазаара цәырҵит.

Ари аҭоурыхтә аӡбара рыдыркылеижьҭеи шықәсык ҵит. Сынтәа Ԥхынҷкәын азы Европа аҟынтә акандидат статус иазку иҳақәнагоу, астратегиатә, аполитикатә аӡбара иаша ҳазыԥшуп, ари атәыла имҩаԥнагаз ареформақәеи апозитивтә трансформациеи рызхаҵарахоит, ари аҭоурыхтә аӡабарахоит”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.