Импыҵахалоу Крым иҟалаз авиаамашәыр аан иҭахеит 23ҩык апассаџьырцәеи фҩык аекипаж алахәылацәеи 
Импыҵахалоу Крым иҟалаз авиаамашәыр аан иҭахеит 23ҩык апассаџьырцәеи фҩык аекипаж алахәылацәеи 

Импыҵахалоу Крым иҟалаз авиаамашәыр аан иҭахеит 23ҩык апассаџьырцәеи фҩык аекипаж алахәылацәеи. Ари аинформациа аладырҵәеит урыстәылатәи АИХқәа.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, арра-транспорттә ҳаирплан  Aн-26 аҟны аимадара иӡит хәажәкыра 31 асааҭ  18:00 рзы.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, авиаамашәыр ҟалеит атехникатә мзызқәа рымшала.

Аҭыҧаҿ аус ауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра акомиссиа.