Импыҵахалоу Аԥсны де-факто апарламент Урыстәылаҟны аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иақәшаҳаҭымхеит
Импыҵахалоу Аԥсны де-факто апарламент Урыстәылаҟны аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иақәшаҳаҭымхеит

Импыҵахалоу Аԥсны де-факто апарламент Урыстәылаҟны аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иақәшаҳаҭымхеит, – аарыцҳаит урыстәылатәи аихқәа.

Жьҭара 30 рзы ари Москва “аиқәшахаҭра” ранпы аҵарҩит импыҵахалоу Аԥсны де-факто вице-аԥыза, Аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла Аекономикатәи аҿиара аминистр Максим Решетникови. Адокумент ҩ-миллиард мааҭк иреиҵамкәа аинвестициа зҭаххо апроектқәа назыгӡо урыстәылатәи анаплакыҩцәа рзы альготақәа азԥхьагәанаҭоит.

Ари азҵаара абҵара 15 рзы иахәаԥшраны иҟан. Адепутатцәа амш аусхәаԥштә иақәшаҳаҭымхеит, насгьы аилатәара ахыгазарц ажәалагала ҟарҵеит, аха де-факто Апарламент ахыбрахь инеиз ауааԥсыра аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иаҿагыланы рыбжьы рҭиирц рыдырҵеит. Уи иахҟьаны аҿагыларатә қәгыларақәа ҟалеит, де-факто ахада Аслан Бжьаниагьы имаҵура аанижьыр акәхеит.