Илиа  Гудушаури – Ҭырқәтәылантә иааҳго ахәшәқәа, ҧасеиҧш  иаҳа рыхә мариазаауеит,  ахәшәқәа рыхә ацлоит ҳәа ирҳәо зегьы мцуп  
Илиа  Гудушаури – Ҭырқәтәылантә иааҳго ахәшәқәа, ҧасеиҧш  иаҳа рыхә мариазаауеит,  ахәшәқәа рыхә ацлоит ҳәа ирҳәо зегьы мцуп  

«Ҭырқәтәылантә иааҳго ахәшәқәа, ҧасеиҧш  иаҳа рыхә мариазаауеит,  ахәшәқәа рыхә ацлоит ҳәа ирҳәо зегьы мцуп, — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Илиа Гудушаури.

Иара иажәақәа рыла,  Ҭырқәтәыла анапхгара рыӡбарала,  афармацевтикатә курс иҧсахуп,  уи Ҭырқәтәылантә иаарго ахәшәқәа рыхәқәа ирныҧшыр ауеит,  аха,  ари аганахьала крызҵазкәа аиҭакрақәа ҟалом.

«2022 шықәса жәабран азы абри аҩызаҵәҟьа   ариашрақәа мҩаҧган,  аха,  Ҭырқәтәылантә Қырҭтәылаҟа иааҳго ахәшәқәа рыхәқәа шьҭымҵит. Ҭырқәтәыла афармацевтикатә курс рыҧсахит. Аха,  ҳара ҳҿы крызҵазкәа аиҭакрақәа ҟалом»‎, — иҳәеит Илиа Гудушаури.

Агәабзиара аминистрра адыррала,  Қырҭтәыла апҭекатә аҳақәа рҿы иҟоуп Ҭырқәтәылантә иаарго  400 иреиҳаны ахәшәхкқәа,  урҭ рхыҧхьаӡара есымша ишьҭыҵуеит. Аофициалтә информациала,  ахәқәа  рыхәқәа мариахеит   60-80%-ла.