Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аофициалтә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Израиль Кнессет аспикер Амир Охана диҧылеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аиҧылараҿы атәылақәа рпартниортә еизыҟазаашьақәа ирыҵанакәа азҵаарақәеи наҟ-наҟ аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.
«Адәныҟатәи аусқәа рминистр иаҵшьны иазгәеиҭеит иҳаракӡоу аҩаӡараҟны имҩаҧысуа авизитқәа рҵакы.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицурагьы иалацәажәеит. Аиҧылара алахәылацәа гәахәарала иазгәарҭеит Қырҭтәылеи Израили ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы қәҿиарала аус шеицыруа», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аинформациаҿы.