Илиа Дарчиашвили – Иракли Ҕарибашвили аколлегацәеи алидерцәеи, иара убас, Қырҭтәыла иазҿлымҳау аилахәырақәеи рҟны аконсультациақәа рымҩаҧгара алшара еснагь ихы иаирхәоит

17:12, 17.01.2024

«Қырҭтәыла аҧыза-министр аколлегацәеи алидерцәеи, иара убас, Қырҭтәыла иазҿлымҳау аилахәырақәеи  рҟны аконсультациақәа рымҩаҧгара алшара еснагь ихы иаирхәоит», — иҳәеит визитла Давос иҟоу адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Иара иажәақәа рыла, аҧыза-министр аполитикатә аиҧыларақәа мҩаҧигоит, аха, иара убас, еиуеиҧшым апанельтә дискуссиақәа ихы рылеихәоит.

«Акандидат астатус зауз атәылахь азҿлымҳара азҳаит, еиуеиҧшым жәларбжьаратәи абизнес-еилахәырақәа ҳтәыла иаҳа иазҿлымҳахеит, избанзар, ҳтәыла, аинвестициақәа рганахьала иаҳа иманшәалахеит. Абри авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аҧыза-министр имҩаҧиго аиҧыларақәа  иаҳа ирацәаны аинвестициатә еилахәырақәа Қырҭтәылаҟа раагареи аинвестициақәа рымҩаҧгареи  иацхраауеит», — иҳәеит Илиа  Дарчиашвили.

 

Еиԥшу