Илиа Дарчиашвили – Еврокомиссар иҟны аиԥылараҿ астатус аиура азҵаареи априоритетқәа рынагӡара аус аҿы анапхгара иҟанаҵаз ашьаҿақәеи ахцәажәара алшара соуеит

19:42, 19.07.2023

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Бриуссель аусуртә визит аҳәаақәа ирҭагӡагны еврокомиссар Оливер Варҳеи диԥылоит, аиԥылараҿ иахцәажәоит акандидат статус иазку азҵаара.

„Акомиссар ихәшьара ҳазыӡырҩит. Иахьа еврокомиссар иҟны аиԥылараҿ астатус аиура азҵаареи 12 приоритетқәа рынагӡара аус аҿы анапхгара иҟанаҵаз ашьаҿақәеи ахцәажәара алшара соуеит“, –иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Еиԥшу