Ильҳам Алиев  Иракли Кобахиӡе адныҳәаларатә шәҟәы  изааишьҭит  - Агәра ганы сыҟоуп ҳажәларқәа рмышхәыбзазареи ҳрегион ашәарҭадареи азыҳәан ҳҽазышәарақәа қәҿиарала ишынаҳагӡо
Ильҳам Алиев  Иракли Кобахиӡе адныҳәаларатә шәҟәы  изааишьҭит  - Агәра ганы сыҟоуп ҳажәларқәа рмышхәыбзазареи ҳрегион ашәарҭадареи азыҳәан ҳҽазышәарақәа қәҿиарала ишынаҳагӡо

Азербаиџьан ахада Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы,   аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит.

«Сареи Азербиаиџьан жәлари ҳахьӡала шәареи ақырҭуа жәлари гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла амилаҭтә ныҳәамш  – Ахьыҧшымра амш.  Азербиаџьани Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа шьақәгылеит ҳажләарқәа рҭаххара ҕәҕәа ашьаҭала.

Агәра ганы сыҟоуп  ҳажәларқәа рмышхәыбзазареи ҳрегион ашәарҭадареи азыҳәан  ҳара ахырхарҭақәа зегьы рыла ҳҽазышәарақәа қәҿиарала ишынаҳагӡо.

Аиҩызаратә ақырҭу ажәлар агәабзиареи, ақәҿиарақәеи, аҭынчреи, ашәҭыкакаҷреи рзеиҕьасшьоит», — иануп  Ильҳам Алиев ишәҟәы аҟны.