Ииу-Иорк,  Рокфеллер-центр  шарҧнытә аҧсаӡ адыркит (авидео)

Ииу-Иорк,  Рокфеллер-центр  шарҧнытә аҧсаӡ адыркит. Америкатә телееилахәырақәа  агәырҕьаратә церемониа иоурыжьҭуан ишиашо ицо аефир аҿы.

Манхеттен агәҭаны идыргылаз аҧсаӡ 23 метра аура амоуп,  50 000 цыра алампочкақәа рыла иҩычоуп.

Ишаҧу ала, шарҧнытә аҧсаӡ аркра ацеремониаҿы еизоит  750 000ҩык раҟара ауааҧсыра, аха, сынтәа, апандемиа амшала, уаҟа ауаа рацәамызт.

Рокфеллер-центр аҧхьа шарҧнытә аҧсаӡ дыргылоит  1933 шықәса инаркны.