Иенс Столтенберг Урыстәылахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украинантә арбџьармчқәа ралгареи ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раҧхьа аибарххара армаҷреи азы

Аҩадаатлантикатә алианс  (НАТО) Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раҧхьа аибарххара армаҷра амзызла Украинантә арбџьармчқәа алыргарц.  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ари аҳәамҭа ҟаиҵеит анемец АИХ аинтервиу анриҭоз.

«Арратә мчқәа реизырҳара иаҿуп,  ишубарҭоу ала,  ари апроцесс аанкылара ргәы иҭам.  Ҳара Урыстәыла – НАТО ахеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Москва ахаҭарнакцәа рацәажәара ҳазыхиоуп,  аха,  апринцип хада иадҳәаланы акомпромисс ҳзақәшаҳаҭхом.  НАТО ахатә хыхьчареи адгылаҩцәа рыхьчареи азин амоуп,  иара убас,  амилаҭқәа зегьы рхатә мҩа алхразы азин рымоуп. Урыстәыла иеиҧшу аҳәынҭқарра ду агәылацәа хәыҷқәа рхы шымҩаҧыргаша,  хырхарҭас иалырхша аӡбара алшоит ҳәа  ргәы иаанагозар,  уи ииашам,  уи анырра аларҵәара ауп иаанаго. Абри зегьы аибашьра хьшәашәа ашьҭахь Европа аҭынчреи аҭышәынтәалареи иаҧырхагоуп», — иҳәеит Столтенберг.