Иенс Столтенберг - Урыстәыла Европа аконтинент аҿы аҭынчра еиланагеит
Иенс Столтенберг - Урыстәыла Европа аконтинент аҿы аҭынчра еиланагеит

Урыстәыла Европа аконтинент аҿы аҭынчра еиланагеит, Москва кыраамҭа аплан аднаулоз агрессиазы аҭакԥхықәра адуп, Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа аибашьра ааннакыларц, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг алианс авиртуалтә саммит иалагаанӡа.

“Ҳара урыстәыла агрессиа ҳаҿагылоит. Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа аибашьра ааннакыларц. Ҳара украинаа адгылара рзааҳарԥшуеит, Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи ҳрыдгылоит, “- иҳәеитИенс Столтенберг.

Бриуссель имҩаԥысуа Нато авиртуалтә саммит ҷыда ашәқәа ркны мҩаԥысуеит.