Иенс Столтенберг - Урыстәыла агрессиа иаҭакны, Нато ҩхықәкык амоуп - Украина ацхраареи аибашьра аескалациа аҿагылареи
Иенс Столтенберг - Урыстәыла агрессиа иаҭакны, Нато ҩхықәкык амоуп - Украина ацхраареи аибашьра аескалациа аҿагылареи

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина аибашьра алагара ала ахадаПутин Европаҿ аҭынчра еилаигеит. Столтенберг иажәақәа рыла, ари аиҭакратә моментуп Европа ашәарҭадаразы мацара акәым, аглобалтә аиҿҟаашьа азы.

Столтенберг ишааицҳаз, Урыстәыла агрессиа иаҭакны, Нато ашьаҭатәи ҩхықәкык амоуп – Украина ацхраареи аибашьра аескалациа аҿагылареи.

Столтенберг ишазгәеиҭаз, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнагаз ажәыларазы урыстәылатәи амчқәа шықәсқәа ирылагӡаны аҽазыҟаҵара иаҿын.

“Грозно ақәхра, Қырҭтәыла ақәылара, Ҟрым аннексиа, Аллепо абомбақәа рыларыжьра, уажәы Украина. 2014 шықәсазы Украина аганахьала актәи ажәылара мҩаԥган, уи ашьҭахь Нато аҽазыҟаҵара алагеит. Аҭоурых аҿы раԥхьаӡа, мрагыларатә фланг ашҟа арратә гәыԥқәа ииаган. Урыстәыла сынтәа Украина даҽазнык анақәла, Нато ихиан. Ҳара, алианс мрагыларахьала, иацҵаны амчқәа иаҳгеит, уажәы уа 40000-ҩык иазыҟаҵоу аруаа иҟоуп.  Балтиантә Амшын Еиқәанӡа  амилаҭрацәа гәыԥқәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҳахеит, азыҟаҵара ҳарак змоу 100 000-ҩык аруаа иарбанзаалак агрессиа ақәҿыҭра, НАТО аҵакырадгьыл сантиметрцыԥхьаӡа ахьчаразы ихиоуп. Ари аконфлокт апровоцирра акәым,аанкылароуп”, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада.